Аԥсны

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны 40 шьапы инеиҳаны пицундатәи амзаҵлақәа еиҭарҳаит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны 40 шьапы инеиҳаны пицундатәи амзаҵлақәа еиҭарҳаит.
Аҵлақәа ахьеиҭарҳаз аԥслымӡ ахьықәԥсоу, амшынцәқәырԥақәа иқәрыӡәӡәааз аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ауп ҳәа лҳәеит аҳәырԥсарра адиректор инапынҵақәа назыгӡо Сабина Лобода.
Ари аҭыԥ аҟны ауаҩы ицхыраарада ԥсабаратәла аҵлақәа зиуам. Амзаҵлақәа ирызҳар, адгьыл еиҳа еиӷьхоит, аҵиаагьы рацәахоит. Аамҭақәак рышьҭахь аҳәырԥсарра ари ахәҭа еиҭабнахар алшоит.
Аиҭаҳатәқәа аҳәырԥсарра иаиҭеит аҭыԥантәи анаплакҩы Милор Барцыц.