Аԥсны

Акриптовалиута зырҳауа 20-маруга рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Акриптовалиута зырҳауа 20-маруга рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы.
17 "машьынка" ԥшаан Акәасқьа ақыҭан Русам Беқьыроӷлы ихатәыҩны аԥхьакырҭа уадаҿы.
Даҽа х-маругак ԥшаан Бзыԥҭа аҳаблан ахатәыҩны аԥхьакырҭа уадаҿы. Аԥшәма Мамацева Линда Павел-иԥҳа.
Ахархәагақәа рымхны Аԥсны АШәМ аҵәахырҭахь инагоуп. Изтәу рганахь ала административтә материал еизгоуп.