АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. 2024 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Аԥсны атәанчахәытә фонд 708,3 миллион мааҭ ашәахьеит атәанчахәқәа, ацхыраагӡақәа, ашәарацҵақәа рыҳасаб ала, абри атәы аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.
Ари 83,6 миллион мааҭ рыла еиҳауп ииасыз ашықәс иара абри аамҭазтәи ашәарақәа раасҭа.
Гәылариа иажәақәа рыла, Аԥсны атәанчахәи ацхыраагӡақәеи роуеит 49 020 нызқьҩык, ари 2023 шықәсазы аасҭа 5 314 нызқьҩык рыла еиҳауп.
Атәанчахәқәа ршәарацҵахь иаҵанакуеит 13 792-ҩык атәылауаа. Уи адагьы шықәсыбжак аҩнуҵҟа афонд иаланагалеит 667 миллион мааҭ аԥгаԥсатә шәарақәа. Ари 2023 шықәсазтәи аасҭа 105 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
2024 шықәса ажьырныҳәамза аахыс ртәанчахәы иацҵан 11 категориа ирыҵанакуа атәылауаа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәеи аинвалидцәеи.
2024 шықәса ԥхынгәы инаркны аҽа категориақәакгьы ртәанчахәы иацҵан.
зықәрахь инеихьоу атәанчаҩцәа — 4 000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 3 700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар", "Зҽаԥсазтәыз" змоу атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
І агәыԥ змоу аџьа аинвалидцәа — 3 900, ІІ агәыԥ змоу — 3 800, III агәыԥ— 3 650 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа) — 4 000 мааҭ;
зынӡа ҭынха дызмам — 7 000 мааҭ; ▫️ асоциалтә тәанчахәы зауа (қәралеи хымхәаралеи), — 3 100 мааҭк роулоит.
иизар иинвалиду 16 шықәсанӡа — 5 000 мааҭ, I агәыԥ змоу — 5 000мааҭ, II агәыԥ — 4 500 мааҭ рзыршәалоит.
Иааидкыланы 15 034-ҩык атәылауаа ртәанчахәы шьҭыхуп ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа. Шықәсык ала ари аус иазоужьхароуп 180,4 миллион мааҭ.