Аԥсны

Аԥснытәи ажурналист апроект "SputnikPro на Зубовском" амодуль ҿыц далахәын

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Аԥснытәи ажурналист далахәын апроект "SputnikPro на Зубовском" амодуль ҿыц.
Арҵаратә проект мҩаԥысуан ԥхынгәы 15-19 рзы амедиагәыԥ "Россия Сегодня" аофис хадаҿы.
Уи иалахәыз Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Қырҭтәыла, Кыргысҭан, Узбекисҭан рҟынтәи ажурналистцәа рыбжьара дыҟан Аԥснынтәи, "Аԥсныпресс" амаҵзура ажурналист Аслан Занҭариа.
12 мшы рыҩнуҵҟа амедиагәыԥ "Россия сегодня" иналукааша аусзуҩцәа апроект алахәылацәа ирзеиҭарҳәеит амультимедиа аԥҵашьеи Telegram-канал аҟны ақәҿиара аиуразы иҟоу аҭагылазаашьақәеи ртәы.