Аԥсны

Аҩӡбеи Ҳагбеи еиҭарҳәеит аԥсуа бираҟ ирнаҭо ацәаныррақәеи уи аӡыргара ахьынӡамоуи

Sputnik
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ анаԥырҵоз аамҭазы аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшрази, аҳәынҭқарра асимволқәеи атрибутикеи еиԥшымзаарас ирымоуи, аҳәынҭқарра ахатәы символқәа амазаара ҵакыс иамоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡбеи, аполитолог Беслан Ҳагбеи.
Ԥхынгәы 23 Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп. Сынтәа иара иахыҵуеит 32 шықәса. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь.
Аескиз азирхиеит Валери Гамгьиа. Автор ихы иаирхәеит Аԥсуа ҳәынҭқарра VIII - X ашәышықәсақәа раан иамаз асимволқәа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.