Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы ирыдыркылаз ҳбираҟ ҳара ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рзы ақәԥара ишасимволхаз.
"Ҳара ҳбираҟ — аҳәынҭқарратә символра адагьы акультуратә ҭынха, ажәытә традициақәа, аԥсуа жәлар рдоуҳамч аныԥшуеит. Иаҳгәаланаршәоит зыԥсадгьыл уаҵәтәи амш иазықәԥоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара, иахьа ҳтәыла аршәҭыкакаҷразы дасу иҳаду аҭакԥхықәра", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәларқәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, аманшәалара.