Аԥсны

Гәдоуҭа, Абираҟ Амш аҽны аԥсадгьыл ахьчараз иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Ԥхынгәы 23 Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп. Сынтәа иара иахыҵуеит 32 шықәса.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Гәдоуҭа, Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш аҽны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчараз иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Гәдоуҭа араион анапхгара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларра.
Иахьа ахәылбыҽха ақалақь аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт.