Аԥсны

Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа ахаҭарнакцәеи амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан ахада усутә ныҟәарыла Москва иҟазаара алҵшәақәеи аҩнуҵҟаполитикатә тема хадақәеи.