Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла 52 украинатә дрон карыжьит

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа украинатәи ар рцәыӡқәа 2025-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла 52 украинатә дрон карыжьит, урҭ рҟынтәи 26 — аоперациа ҷыда иахьаҵанакуаз ҳәа аанцҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Иара убасгьы икажьын аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хԥа. Аоператив-тактикатә авиациеи, БПЛАи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ абылтәы-хьшьтәы материалқәа рышьҭаҵарҭақәа хәба, БМПқәа Bradley – хәба, уаҩ дызҭам ашхәақәа ргыларҭа ықәрыцҟьааит.

104 раион рҿы ааха рыҭоуп акәылӡтәы танкқәа рҭыжьырҭа азауад аремонт-еиҭашьақәыргыларатә цехқәа, аруаа, арратә техника.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 630 ҳаирыплан, 278 вертолиот, 28382 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 556 зенит-ракетатә комплекс, 16660 танки акәылӡымашьынеи, 1383 реактивтә система, 12367 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 24046 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.