Аԥсны

2025 шықәсазы Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аихамҩа ҿыцқәа рышьҭаҵара иалагоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. 2025 шықәса ажьырныҳәамзазы Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аихамҩа ҿыцқәа рышьҭаҵара иалагоит.
Абри атәы арадио Sputnik адырраҭара "Атәылауаҩи аиҳабыреи" аҟны еиҭеиҳәеит аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.
Смыр иажәақәа рыла, ашпалақәеи арельсқәеи урҭ реибыҭагақәеи Аԥсныҟа иааргахьеит. Атуристтә хыбра абиуџьет аҟынтәи ари аус иазоужьхоит 23 миллион мааҭ.
Аусурақәа цонаҵы хымз раҟара аҳаԥы аркхоит ҳәа иҳәеит Смыр.