Аԥсны

2025 шықәсазтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план шьақәырӷәӷәоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара 2025 шықәсазтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент инақәыршәаны атауарқәа рҭыжьра рымҽхаки, аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки 2025 шықәсазы иартәоит 196,28 миллиард мааҭ.
11,6 миллиард мааҭ ақыҭанхамҩа иазырхахоит, 59,3 миллиард – адәныҟаекономикатә усура.
Иҟоу азгәаҭарақәа рыла, 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аалхны ааглыхреи АЕУ арбагақәеи идыртәоит 125,3 миллиард мааҭ. Аплан ҷыдарас иамоу — раԥхьаӡа акәны ахаланаплакыҩцәа азгәаҭоуп.