АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны астратегиатә апланҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә система аԥырҵоит.
Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа реиалзаара аилатәараҟны.
Асистема аҭахны иҟоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусхк аҟны хра змоу аӡбрақәа рыдкыларазы, ихымԥадатәиу аҳәынҭқарратә аинформациатә ресурсқәеи аҳәынҭқарратә статистикеи рырбагақәа реизгареи аус рыдулареи рзы.