АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Гагра абнабылрақәа ырцәан асабша ахәылбыҽха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.
Амца дырцәон 8 ак атехника. Аҭыԥ аҿы аус руан амцарцәаратә гәыԥқәа хәба.
60 гектар раҟара абнасара амца акын Гагра Баӷрыԥсҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә трасса иаԥну аҭыԥқәа рҿы. Ахатәыҩнқәа, Сталин идача, апансионат "Солнечный" ашәарҭара иҭагыламызт.