АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль ахыркәшаратә концерт мҩаԥысит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал ахыбраҿы.
Быжь-тәылак рҟынтәи афестиваль иаҭааз артистцәа 24 қәгылара нарыгӡеит - аинструменталтә, авокалтә, ахортә рҿиамҭақәа.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым анашанақәа мҩаԥысуан. Ус, Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи, Урыстәылантәи афестиваль иаҭааз Богдан Гуеноки, Ермантәылантәи — Жак Мартиросиани аԥсуа жәлар рашәа "Ауардын" еицынарыгӡеит.
Даҽа шәак ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Назырби Ебжьноу игәаларшәара иазыркит.
Традициатәла, Аҳәынҭқарратә хортә капелла инанагӡаз ашәа "Шьардаамҭа" ала ихыркәшан Пицундатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль. Адирижиор — афестиваль ашьаҭаркҩы, асахьаркыратә напхгаҩы — Чаиковски ихьӡ зху аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа Барас Кәыџба.
Ауснагӡатә хыркәшо Барас Кәыҿба афестиваль иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Згәы ҭбаау уаауп, зеиԥш ыҟам артистцәоуп, дара зегьы ҳфестиваль иацхраауеит. Ҳфестиваль иаҭаауеит ҳаиҩызара иабзоураны, дара ҳфестивальи, ́ хақалақьи, ҳтәылеи рыгәра ргоит", - иҳәеит иара.
Пицундатәи афестиваль мҩаԥысуан ԥхынгәы 29 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа. Уи иалагӡаны амузыкатә программақәа жәба мҩаԥган, иқәгылеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларус, Китаи, Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи амузыкантцәа.
Sputnik Аԥсны — аинформациатә партниор.