АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны амилаҭтә шәҵатәы ацәыргақәҵа мҩаԥнагеит Никарагуа имҩаԥысуаз аҟазареи, акультуреи, агастрономиеи Жәларбжьаратәи рфестиваль аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Манагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ицәырнагеит атрадициатә павилион – асасцәа агьама ддырбеит ажьаӷь уаткеи, аџьыкеи, ашәхеи.
Аԥсуа павильон иаҭааит Никарагуа Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Камила Ортега, Никарагуа акультура аминистр Рамон Родригез, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса сентиабр 3 рзы. Шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.