АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Авокалтә ҟазара афестиваль-еиндаҭлара "Аҭынчра апроспект" мҩаԥгахоит нанҳәамзазы Аҟәа.
Иара иалахәхар рылшоит жә-шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ашәаҳәаҩцәа.
"Ари аҟазара-вокалтә проектуп. Иззырхоу ашоу акәӡам. Ара аҟазацәа раԥхьа иргыланы ахәшьара зырҭо авокалтә лшарақәа роуп, анаҩс - асценаҿ ахымҩаԥгашьа, ацәамаҭәа аныҟәгашьа уҳәа" — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҿартә еидгыла ахантәаҩы Геннади Кожухар.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит нанҳәа 15 рҟынӡа аиҿкааратә еилакы аҿы. Адиплом ҷыдақәа ранашьахоит "Урыстәыла иазку иреиӷьу ашәа", "Аԥсны иазку иреиӷьу ашәа", гран-при рзы – 50 000 мааҭ.
Аконцерт хада мҩаԥгахоит нанҳәа 27 асааҭ 19:00 рзы Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа — МДА, афонд "Русский мир" адгыларала Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәырҭа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, Абанк ЦРМ, аилахәыра "РОССИ", аблогер "ДАВА АБХ", абыжьҭаҩратә студиа "АбзаМюзик".