Аԥсны

"Ажҩы еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу Маркәылатәи ажәытә анхарҭа ҭыԥ дырҳәит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. "Ажҩы еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу Маркәылатәи ажәытә анхарҭа ҭыԥ дырҳәит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог Галина Требелиова.
Арҳәцәа иргаз макьаназ ишышьақәыргылам, аха аԥхасҭа ду ҟарҵеит ҳәа лҳәеит лара.

"Арҳәцәа акультуратә ҿысҭақәа зегь еиладырбгеит. Ҿысҭа-ҿысҭала акәымкәа жра-жрала анышә иахысит. Уи иаанагоит уажәшьҭа уа ижу, ишыржыз, иарбан материалқәаз ирыцжыз уҳәа акгьы ҳзышьақәыргылом, иаҳзеилкаауам" — лҳәеит Требелиова.

Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа иазгәаҭан ирымаз аусурақәа ааныжьны идырҳәыз ахәҟьаҟьараҿ аусурақәа ирылагар акәхеит.
Убри аан аҵарауаа ирылшеит ҳера ҟалаанӡа III ашәышықәса иаҵанакуа синоптәи акыц, аихатәы хшьапқәа, акерамика, абаҩқәа рыԥшаара. Аҵарауаа ргәаанагарала, ара ажьира иахьамҵаныҳәоз ҭыԥуп.