Аԥсны

Sputnik амчыбжь: адепутатцәа ԥсшьара рцара, абна амцакра, Пицундатәи афестиваль

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ԥхынгәы 29 инаркны нанҳәа 4 рҟынӡа Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Иарбан документқәоу Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа ишьақәдырӷәӷәаз, Апрокуратура хада ашықәсбжатәи аусура аихшьаалақәа, Очамчыра аҵарауаа рыԥшаахқәа, Пицундатәи амузыкатә фестиваль шхыркәшахаз уҳәа шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Аԥсшьараамҭаԥхьатәи асессиа

Ԥхынгәы 31 рзы Аҟәа имҩаԥысит аҵыхәтәантәи ааԥынтәи асессиа. Апарламент адепутатцәа ԥсшьара ицеит. Асессиаҟны ишьақәырӷәӷәан ҩ-документк – Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩынтәны ашәахтәқәҵара аҽацәыхьчареи афеидаз ашәахтәқәа рҽырцәыхьчара аԥырҟәҟәаареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2012 шықәса лаҵара 28 рзы анапы зҵаҩыз атауарқәа рыла ахәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы Аԥкаанҵеи.
Асессиа хыркәшаны адепутатцәа ԥсшьара ҳәа ицеит. Нанҳәа 1 инаркны цәыббра 6 рҟынӡа есышықәсатәи зыхә ршәо аԥсшьарамшқәа роуеит (35 мзартә мшы).
Аԥсны
Апарламент аҿы имҩаԥысит амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараз акомиссиа аилатәара

Апрокуратура хада аихшьаалақәа

Ԥхынгәы 30 рзы имҩаԥысит Апрокуратура хада аколлегиа, 2024 шықәса актәи азбжазтәи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы.
2024 шықәса актәи азбжазы Аԥсны иаарԥшын 101 зинеилагара. Ииасыз ашықәс иаҿурԥшуазар — 52-нтә еиҵоуп.

Аусбарҭа 46 дырра ҟанаҵеит, урҭ рыхәаԥшра алкаақәа рыла 14-ҩык административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп, алеишәатә ҭакԥхықәра — ԥшьҩык.

Апрокурортә хылаԥшра ауснагӡатәқәа иалдыршеит абиуџьет 26 миллион мааҭ азырхынҳәра, ишәоуп 441 000 мааҭ ашәахтә уалқәа.
2024 шықәса актәи азыбжазы ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 284 цәгьоура: ауаҩшьрақәа – 4, 42 – ӷьычра, 93 – анаркотикқәа реикәыршара, 38 – абџьар закәаншьаҭада аикәыршара.
2024 шықәса актәи азбжазы Аԥсны закәаншьаҭада ихысуа абџьар аикәыршаразы 17 шьаус ҭҵаауп.
16-ҩык ауааԥсыра рганахь ала 16 зыӡба рыдыркылахьеит. Урҭ руаӡәк ҭакрала ахьырхәра идҵоуп, ҭакрадатә хьырхәра рыдҵоуп — 15-ҩык.
2024 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ԥхынгәымзанӡа Аԥснытәи амҩақәа рҿы 70 машәыр ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 20-ҩык. 2023 шықәса актәи азбжазы 71 амҩан амашәырқәа ҟалеит, иҭахеит 28-ҩык.
Амашәырқәа реиҳарак зыхҟьо арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра, амашьына арццакра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара роуп.

Аиндикативтә плани астратегиатә планҟаҵареи

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара 2025 шықәсазтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план шьақәнарӷәӷәеит ԥхынгәы 31 рзы имҩаԥгаз аилатәараҿы.
Адокумент инақәыршәаны атауарқәа рҭыжьра рымҽхаки, аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки 2025 шықәсазы иартәоит 196,28 миллиард мааҭ.
Аԥсны
2025 шықәсазтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план шьақәырӷәӷәоуп
11,6 миллиард мааҭ ақыҭанхамҩа иазырхахоит, 59,3 миллиард – адәныҟаекономикатә усура.
Иҟоу азгәаҭарақәа рыла, 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аалхны ааглыхреи АЕУ арбагақәеи идыртәоит 125,3 миллиард мааҭ. Ауснагӡа ҷыдарас иамоу — раԥхьаӡа акәны ахаланаплакыҩцәа азгәаҭоуп.
Аԥсны астратегиатә планҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә система аԥырҵоит. Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны.
Асистема аҭахны иҟоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусхк аҟны хра змоу аӡбрақәа рыдкыларазы, ихымԥадатәиу аҳәынҭқарратә аинформациатә ресурсқәеи аҳәынҭқарратә статистикеи рырбагақәа реизгареи аус рыдулареи рзы.

Аҭоурыхтә ԥшаахқәа

Ажәытә бырзен бызшәала аҩыра зныз акьырлых гәашьа аадырԥшит Аԥсни Урыстәылеи рырхеологцәа Очамчыра, антикатә қалақь Гиуенос аҿы арҭ амшқәа рзы имҩаԥырго ажрақәа раан.
Иҟоу агәаанагарақәа рыла, иара ҳера VI ашәышықәса иатәуп. Аҵарауаа адәнытә ԥшаарақәа рышьҭахь аҭҵаара иалагоит.
Арадио
Џьопуа Очамчыра ажрақәа раан ирбаз аҩыразы: шьаҿа бзиоуп ҳаԥсуа ҭоурых азы
Аекспедициа хыркәшахоит нанҳәамза 15 рзы.
Асеиԥш здаҟам аԥшаахқәа лассы-ласс иуԥыхьашәаӡом. Аҟазауаа агәашьа иану аҩыра еиҭаргараны иҟоуп. Уи иадыԥхьалахоит абырзени ажәытәбырзени абызшәақәа рзы аҟазауаа. Агәашьа адагьы ирԥшааит аплинфақәа, акыцлыхқәа, аҳаԥшьақәа, амқьаҭқәа ԥшаауп.
Очамчыра, антикатә қалақь Гиуенос аҿы археологцәа сынтәа русурақәа иалагеит ԥхынгәы 16 рзы.

Пицундатәи афестиваль

Пицундатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль аатит ԥхынгәы 29 рзы Апатриархтә ныхабааҿы.
Аԥхынразтәи акультуратә хҭыс хада ԥхынгәы 29 рзы иаатит Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба дирижиорс дызмоу Аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Пицундатәи афестиваль мҩаԥысуан фымш: ԥхынгәы 29 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа. Уи иалагӡаны имҩаԥган амузыкатә программақәа жәба, иқәгылеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларус, Китаи, Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи амузыкантцәа. Пицундатәи афестиваль иахҭыс хадахеит "Аԥсуа реквием" анагӡара. Арҿиамҭа раԥхьаӡа акәны иадырҳәеит нанҳәа 14, 2022 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазкны.

Баӷрыԥсҭатәи амцакра

Нанҳәа 1 азы 60 гектар рҟынӡа абнасара абылра иалагеит Гагра Баӷрыҧшь иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду иаваршәны. Сталин идача амца ӷәӷәаны иазааигәахеит, аха ԥенџьырк ҿыблааит акәымзар уаҳа ԥырхага ҟанамҵаӡеит, амца дырцәеит.
Амца арцәара инеит амцарҟәаратә гәыԥқәа хәба, аха амца шьаҭанкыла арцәара уадаҩуп уахь анеира ахьыуадаҩу азы.
Нанҳәа 3 рзы ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Егры 10-тәи акилометр аҿы аҵлақәа ҩба каҳаит, х-машьынак ааха роуит. Иҟоу агәаанагарала уи ара аҭыԥ змаз абылра иахҟьеит.
Баӷрыԥсҭа ақыҭа иахьаҵанакуаз амашьынақәа реишьҭагыла акраамҭа изеиҭаҵуамызт.
Шьыбжьышьҭахь амашьынақәа рныҟәара хәҭакахьала ихацыркхеит. Аҭыԥаҟны аус руан аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, акоммуналтә маҵзурақәа русзуҩцәа.