АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа анапхгара амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа ирацәажәеит амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба иҳәеит аԥҟара аилагаҩцәа рмашьынақәа рымхны аргыларҭа ҭыԥқәа рахь инаргар шауа, дара рхаҭақәа амашьынарныҟәаразы аԥышәарақәа шыддырҭиуа. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа агәҽанызаара рырҭеит амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз рмашьынақәа рымхны ахараԥсатә ргыларҭахь ишнарго азы.
" 190 машьына иахьатәи аамҭазы ахараԥсатә ргыларҭаҿы игылоуп. Аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа рыдкыланы иҟан. Агәҽанызаара шәысҭоит шәмашьынақәагьы уахь ишнагахо мамзаргьы аграждантә цәамаҭәа зшәу амилициа аусзуҩцәа шәмашьынақәа ишрықәҳартәало аилагарақәа азгәарҭаларц", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла, иҳаҩсыз амзазы амҩан иҟалаз амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит жәаҩыуаа. Ас еиԥш 30 шықәса рыҩнуҵаҟа иҟамлацызт.
“Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны амҩақәа рҿы иҭахахьеит 1700-ҩык. Аибашьраан иҭахеит 1800-ҩык ҳаибашьцәа, аха урҭ зҭахоз рдыруан. Ҳара иахьа ҳазҭахо ҳәа иҟоузеи?" ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адыррала Аҳәынҭавтоинспекциа аамҭа-аамҭала аилыркааратә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргалоит.