Аԥсны

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада даҭоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Сергеи Шамба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп атәыла ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала.
Шамба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан 2020 шықәса раахыс.
Раԥхьаӡа акәны иара адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадас дҟалеит 1997 шықәсазы, 2004 рҟынӡа ари амаҵура дахагылан. Аҩынтә раан аминистрс дыҟан 2004 - 2010 шықәсқәа рзы.