Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыԥсҿыхҩы, рҩыза ду: Роман Аргәын игәалашәара иазкны
Нанҳәа 6, 1947 шықәсазы диит аполиграфист, ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз, акыр шықәса Аҳәынҭполиграфиатә усбарҭа "Акьыԥх Аҩны" адиректор хадас иҟаз Роман Аргәын.
SputnikҲаԥсуа литература аизҳараҿы, арҿиараҿы, аҭыжьраҿы акырӡа аџьабаа збаз ҳашәҟәҭыжьҩцәа раԥхьагылаҩцәа дреиуан шықәсқәак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз Роман Чыгрыц-иԥа Аргәын.
Аполиграфист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, далгеит Украинатәи аполиграфиатә институт. Аусура далагеит Аҟәатәи атипографиа анџьныр-технологс, анаҩс атипографиа анџьныр хадас, 1983 шықәсазы Аԥснытәи АССР Аполиграфиатә усбарҭа, 1994 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә полиграфиатә усбарҭа аиҳабыс. Аҳәынҭқарратә полиграфиатә Усбарҭа "Акьыԥх Аҩны" адиректор хадас акыр шықәса дыҟан.
Роман Чыгрыц-иԥа Аргәын ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа иџьабаа дуӡӡа рыдын, 40 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҭыҵыз ашәҟәқәа зегьы, еиҳарак асахьаркыратә литература, иара дызхагылаз аусбарҭа абзоурала иҭыҵит. Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь аӷа ицәынхаз ҳтипографиа шеиқәирхаз, иҩызцәеи иареи иаанхаз атехникеи ақьаади арҳәыҩцәа еимырымҵәарц азы уахгьы ҽынгьы ишырыхьчоз, шәы зҿамыз, ԥенџьыр зҿамыз ахыбра ишыҩнатәаз, уаҟа еиқәханы ишыҟаз хәы змаӡамыз астанокқәа, урҭ зегьы наҟ-наҟтәи ҳашәҟәҭыжьырҭазы даараӡа акыр шаанагоз.
Роман Чыгрыц-иԥа ибзоуроуп атипографиа иҩнаханы иҟаз, аӷа збылра дахьымӡаз ашәҟәқәеи ажурналқәеи адунеи рбара, хәыда-ԥсада рҭыжьра, избанзар, усҟан аԥара аагарҭа зынӡак иҟаӡамызт.
Абар Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа имшынҵақәа руак аҿы уи дышихцәажәо:
"Роман Аргәын ҳара ашәҟәыҩҩцәа ҳаԥсы дазкашәеит. Аибашьра ашьҭахь даара аҳәатәы-аҩтәы рацәаны иҳаман, урҭ зегьы ҭыжьтәын, ауаа ирбар акәын, иаԥхьар акәын. Шықәсыки бжаки инареиҳаны шәҟәы ҿыцк, журналк, газеҭк знапаҿы изымкыцыз аԥхьаҩ дҳарӡыр ҟалаӡомызт, дырхынҳәтәын. Убри азы аҳәынҭқарратә ҳаракыраҿы инаганы еиҿкаатәын, иҭыжьтәын, арахь аҟәрышь ҳнапаҿы иаҳкымызт. Убри зегьы ихахьы игеит Чыгрыц-иԥа, дадгылеит, аӡәгьы ҳмыргәамҵкәа, нас мышкызны ҟәрышьк ҟалар аҳәынҭқарра иашәап иҳәан, атипографиаҿ еиқәхан иҟаз арезерв ала рҭыжьра далагеит. Убас ауп ишҭҳажьыз аибашьра ашьҭахьҵәҟьа иҭыҵыз ашәҟәы "Ахацәа рашәа". Уи ашәҟәы еиднакылеит аибашьраан ииз иреиӷьӡоу ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи, астатиақәеи, аочеркқәеи. Ус шаҟа шәҟәы ҳазҭижьзеи хәыда-ԥсада апатриот, аҟаза ду, ҳҩыза бзиа Роман Чыгрыц-иԥа Аргәын".
Аибашьраҿы абриаҟара зхызгаз ҳажәлар рҭоурых адунеи иазныжьтәын, ирдырыр акәын рҵеира Аԥсны шеиқәдырхаз, ахааназ дара аԥшәымацәаны инхарцаз, уи шаҟа бзиа ибатәыз, ҳаҭыр ақәҵатәыз, дара рышьҭахь иааиуа аҵеирагьы ирызныжьтәын. Убри аҩыза аидеиа ныҟәызгоз рышәҟәқәа рҭыжьра дадгылеит Роман Аргәын. Урҭ авторцәа иреиуоуп ҳашәҟәыҩҩцәа: Гьаргь Гәыблиа, Алықьса Џьениа, Алықьса Гогәуа, Борис Гәыргәлиа, Витали Амаршьан, Никәала Кәыҵниа, Платон Бебиа, Таиф Аџьба, Рауль Лашәриа, Рушьбеи Смыр, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Екатерина Бебиаԥҳа уҳәа убас ирацәаҩны.
1 / 4
Роман Аргәын иҭаацәеи иареи
2 / 4
Роман Аргәын атипографиаҿы
3 / 4
Роман Аргәын иколлегацәа рыгәҭа
4 / 4
Роман Аргәын Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора рҿы
Иара убасгьы ҳашәҟәҭыжьырҭаҿы асахьаркыратә литература анаҩсгьы иҭыҵыр акәын ҳашколхәыҷқәа ирымамыз ахрестоматиақәа, избанзар, аибашьра ашьҭахь ҳашколқәа аусура иалагеит, уи зегьы еиҿкаатәын, ахарџь ӷәӷәа аҭахын. Убри аус аҿгьы, еиҭах атипографиаҿы иҟаз арезерв ихы иархәаны, насгьы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рахь аимадара ҟаҵаны, ақьаад ааганы, рҭыжьра напы аиркит. Ари аҩыза аус аиҿкаара усҟан даара ишыуадаҩзгьы, акы ихы аҵеимырхеит Роман Чыгрыц-иԥа.
Абар уи иусура шаҟа пату ақәҵан далацәажәоз Витали Амаршьан:
"Роман Аргәын иакәымзар, аибашьра ашьҭахь ҳашәҟәқәа акгьы зҭыҵӡомызт. Уи илшаз аҳәара даара иуадаҩуп. Сара аибашьра аан, ишыжәдыруа, сԥазаҵә дҭахеит, уи иҩызцәеи иареи ирызкны даара аҩымҭақәа рацәаны иснарыҩгәышьеит сгәырҩа. Урҭ зегьы ҭыжьтәын, уи ала сыԥсы еиҩызгон, акәымзар, уи агәырҩа сзаиааиӡомызт. Агәырҩа ду саиааиртә сҟазҵаз, сышәҟәқәа ҭыжьны снапаҿы исзыркыз Рома Аргәын иоуп. Убри азы иҭахаз аҷкәынцәа рыхьӡалагьы, сара сыхьӡалагьы, идуӡӡан иҭабуп ҳәа иасҳәоит."
Аиашаз, министррак иалшоз илшеит Роман Чыгрыц-иԥа. Уи иҩызцәеи иареи ҳкультура аибашьра ашьҭахь ашьапы иқәдыргылеит, ҳаԥхьаҩцәа ззыԥшыз ҳашәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа адунеи ддырбеит. Шәара шәазхәыц, шаҟа аҵанакуаз зыҷкәын аибашьра дҭахаз апоет-атрибун Борис Гәыргәлиа игәырҩақәа зегьы згәылаз ишәҟәы "Адгьыл ахьаа" ҭыжьны инапаҿы иркра, мамзаргьы ашәҟәыҩҩы-ановелист, адраматург Алықьса Аргәын ипиесақәеи иновеллақәеи еидызкыло ашәҟәы ԥарада-шьарада иҭыжьны ҳаԥхьаҩцәа рыҭара. Алықьса Аргәын уи ахҭыс бзиа игәаларшәо иҩуан ишәҟәы "Схьаа" аҿы:
"Роман Аргәыни сареи ҳаижәлантәқәоуп, ҳаишьцәоуп, ишызымуаз сышәҟәы хәбжала иҭимыжьыр имуит. Уи иацу ауадаҩрақәа шаҟа ыҟоу здыруеит, аха иара деибашьуан, ахарзаман далаԥшит, сышәҟәгьы иаҳәо убри ауп, ажәлар ирдыруазарц иҭаххеит. Насгьы ауаҩы данаамсҭашәоу, инарҵаулан данхәыцуа, ижәлар бзиа ианибо, рҭоурыхгьы дахӡыӡаауеит. Иҭабуп мацара шазымхо здыруан, пату иқәысҵарц салаган, сҩызцәеи сареи ҳаашьҭихын, иара ихаҭа ҳганы пату ҳақәиҵеит. Ас ауаҩра злоу рацәаҩхар Аԥсны, ҳаҷкәынцәагьы баша рхы ақәрымҵеит".
Сара акыр сархәыцит абри ауаҩ иԥсҭазаара, ихымҩаԥгашьа, иуаҩышьа, ипрофессионализм, иаԥсуара. Ауаҩы ахьӡи ахьымӡӷи рзы ауп адунеи дзықәу, уи иԥсы ҭанаҵы дзыхьӡаз, иҟаиҵаз абзиарақәа рыла акыраамҭа ихьӡ рҳәалоит, иара изааигәоу иҭынхацәа рнаҩсгьы, дыззымдыруазгьы рыгәқәа иладухоит. Ҳара ашәҟәыҩҩцәа ҳзы, Роман Чыгрыц-иԥа Аргәын ахааназ иаҳзааигәаӡоу, иаҳҩызоу, ҳдоуҳатә культура ацҳа зрыӷәӷәаз, амаакырақәа азҭаз аӡәы иакәны даанхоит.
1 / 3
Роман Аргәын иколлектив рыгәҭа
2 / 3
Роман Аргәыни Валера Аршбеи
3 / 3
Роман Аргәыни "Акьыԥхь аҩны" аусзуҩцәеи
Еиҳагьы уаҩы дзеигәырӷьаша акы ауп, Роман Чыгрыц-иԥа иҷкәын Саид иара иус ԥшьа дахьахагылоу, иахьа Аҟәа иҟоу ҳашәҟәҭыжьырҭа хадара ахьазиуа, иаб иусурҭагьы, иколлективгьы ахьеиқәирхаз, гьама ҳаракыла ашәҟәқәагьы ажурналқәагьы ахьҭижьуа, ҳкультура амаҵ ахьазиуа. Уи иара иаб иԥсҭазаара иалҵра ԥыҭк шагыз иара иусурахь дииаиган, иирҵеит атипографиа атәы, ихы-иԥсы зегьы аҭаны игәникылеит уи аус ԥшьа, иахьа зегьы даара ҳиргәырӷьартә дыҟоуп. Убри ауп изахьӡугьы иабиԥара даԥсахеит, ижәлар дырҵеихеит ҳәа анырҳәо.
Ауаҩымш иҟаиҵо абзиара, иара имацара иакәӡам изԥыло, ижәларгьы ирԥылоит, ус анакәха, Роман Чыгрыц-иԥа Аргәын иахьа дышҳалагыламгьы, игәалашәара ахааназ ирыцзаауеит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа.