Аԥсны

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит ашахматтә фестиваль "Аԥсны-Open" иалахәхара атәы

Sputnik
Арҭ амшқәа рзы Аҟәа имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны-Open". Уи иалахәу ашахматасҩы Нестор Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит хаҭала иара иааирԥшуа аихьӡарақәеи иаԥхьаҟа ашахмат аганахьала гәҭакқәас имоуи ртәы.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.