Алимфатә леикоз здырбалаз 12 шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәшәтәраз аԥареизгара иаҿуп. Аамш рыла 19 миллион мааҭ еизгоуп иаҭаху 25 миллон мааҭ рахьынтә. Афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥареизгара азҿлымҳара ду шаиуз.
Ҳара ҳақәгәыӷуеит иаҭаху аԥара зегьы аизгара ҳалшаԥ ҳәа, ахәыҷы лыԥсҭазаара аиқәырхараз ауааԥсыра еидгылеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьынџьалԥҳа.
"Иаанхеит 6 миллионк хәыҷык инацны. Даараӡа иҳараку аизгара мҩаԥаҳгоит, уи ацашьагьы бзиоуп. Актәи амш иалагӡаны 2 миллионк мааҭ инареиҳаны иаарышьҭит. Исымоу аԥышәала исҳәар сылшоит, абас ауаа еидгыланы ацхыраара ҟарымҵеижьҭеи акрааҵуеит", - лҳәеит лара.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.