Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ иара дыҟамкәа 19 шықәса аҭакра иқәырҵеит Иапончик ишьразы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Москва ақалақьтә ӡбарҭа зус рыӡбоз Аԥсны атәылауаҩ Асҭамыр Быҭәба дыҟамкәа 19 шықәса иқәнаҵеит зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигаразы, ацәгьоуцәа рыбжьара ахԥша змаз Виачеслав Иванков (Япончик) ишьразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Быҭәба иахьа уажәраанӡагьы жәларбжьаратәи ашьҭазаара ахьимоу азы иара дыҟамкәан иус рыӡбеит.
Аусҭҵаареи аӡбарҭеи ишьақәдыргылеит ацәгьоуратә гәыԥ ишалахәыз Мурҭази Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа, Каха Газзаев, Илиа Симониа ацәгьоура иадиԥхьалаз Аԥсны атәылауаа Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба.
Аԥсны
Аӡбарҭа Нугзар Папаа 16 шықәса бахҭала ахгара иқәнаҵеит Иапончик ишьразы
Нугзар Папаа Иапончик дишьклаԥшлар акәын, дахьцо-дахьаауа атәы дызшьраны иҟаз Асҭамыр Быҭәба иирдырлар акәын. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, Иванков ишьра далахәын Астамыр Быҭәба, 2009 шықәса, ԥхынгәымза 9 рзы аснаипертә винтовкала Иванков иеихсыз. Усҟан Иванков Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу ақьафурҭа "Тайский слон" ддәылҵуан.
Ацәгьоуразы еиуеиԥшым ашықәсқәа рықәҵоуп егьырҭ агәыԥ алахәылацәагьы — Џьамбул Џьанашьиа, Мурҭази Шьаданиа, Каха Газзаев. Нугзар Папаа иқәҵоуп 16 шықәса бахҭала ахгара.