https://sputnik-abkhazia.info/20230913/abara-nugzar-papaa-16-shysa-bakhala-akhgara-inaeit-iaponchik-ishrazy-1047951100.html
Аӡбарҭа Нугзар Папаа 16 шықәса бахҭала ахгара иқәнаҵеит Иапончик ишьразы
Аӡбарҭа Нугзар Папаа 16 шықәса бахҭала ахгара иқәнаҵеит Иапончик ишьразы
Sputnik Аҧсны
Акриминал аҟны ҳаҭыр зқәыз Иапончик дыршьит 2009 шықәсазы, Москва. Ауаҩшьра иалахәын ҳәа ишьоуп Мурҭази Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа, Каха Газзаев, Нугзар Папаа... 13.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-13T09:45+0300
2023-09-13T09:45+0300
2023-09-13T11:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037784009_0:158:3077:1889_1920x0_80_0_0_5dc04dee0e26c111df9829f43cfb6fc0.jpg
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Москватәи аӡбарҭаҿы латәарада Аԥсны атәылауаҩ Нугзар Папаа, акриминал аҟны ҳаҭыр зқәыз Вачеслав Иванков (Япончик) дызшьыз иус рыӡбеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы. Аусҭҵаареи аӡбарҭеи ишьақәдыргылеит ацәгьоуратә гәыԥ ишалахәыз Мурҭази Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа, Каха Газзаев, Илиа Симониа ацәгьоура иадиԥхьалаз Аԥсны атәылауаа Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба. Нугзар Папаа Иапончик дишьклаԥшлар акәын, дахьцо-дахьаауа атәы дызшьраны иҟаз Асҭамыр Быҭәба иирдырлар акәын. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, Иванков ишьра далахәын Астамыр Быҭәба, 2009 шықәса, ԥхынгәымза 9 рзы аснаипертә винтовкала Иванков иеихсыз. Усҟан Иванков Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу ақьафурҭа "Тайский слон" ддәылҵуан. Анаҩс Каха Газзаев, Муртаз Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа бахҭала ашықәсрацәа рхыргарц аӡбарақәа рыдкылан. Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, ауаҩшьра ашьҭахь Быҭәбеи Папааи Аԥсныҟа иааит, иахьа уажәраанӡагьы ара иҟоуп. Илиа Симониагьы дыбналеит. Дара рганахьала жәларбжьаратәи ашьҭазаара рылаҳәоуп. Нугзар Папаа иара убасгьы ахара идҵоуп Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа. Ашьаус аилыргара анапы иануп Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Омар Мерцхәылаа дырӷьычит. Уи иоушьҭразы Нугзар Папааи иҩызцәеи Мерцхәылаа иҭынхацәа 50 миллион аԥара рымырхырц рҽазыршәеит. Папаа аҩнытә баандаҩра даҵаркын. 1981 шықәсазы ииз Асҭамыр Быҭәба "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ыҟаны даанкылан. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иара 12 шықәса иқәнаҵеит имазара имхны зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигарц.
https://sputnik-abkhazia.info/20210120/Asny-Aprokuratura-khada-Urystylanti-azya-azaaryshit-Yaponchik-ius-aganakh-ala-1031664760.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230413/amra-bank-aofis-ialeit-a-akhara-zydou-rganakh-ala-abama-rydyrkyleit---1045243730.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037784009_174:0:2903:2047_1920x0_80_0_0_a0eac4ff4ca6790a19fc757f41a6c3e0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аӡбарҭа Нугзар Папаа 16 шықәса бахҭала ахгара иқәнаҵеит Иапончик ишьразы
09:45 13.09.2023 (ирҿыцуп: 11:18 13.09.2023) Акриминал аҟны ҳаҭыр зқәыз Иапончик дыршьит 2009 шықәсазы, Москва. Ауаҩшьра иалахәын ҳәа ишьоуп Мурҭази Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа, Каха Газзаев, Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба, аусҭҵаара аверсиала дара ауаҩшьра иадиԥхьалеит ацәгьоуцәа рдунеи алахәыла– Илиа Симониа.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Москватәи аӡбарҭаҿы латәарада Аԥсны атәылауаҩ Нугзар Папаа, акриминал аҟны ҳаҭыр зқәыз Вачеслав Иванков (Япончик) дызшьыз иус рыӡбеит ҳәа
аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы.
Папаа 16 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигаразы иқәҵоуп.
Аусҭҵаареи аӡбарҭеи ишьақәдыргылеит ацәгьоуратә гәыԥ ишалахәыз Мурҭази Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа, Каха Газзаев, Илиа Симониа ацәгьоура иадиԥхьалаз Аԥсны атәылауаа Нугзар Папаа, Асҭамыр Быҭәба.
Нугзар Папаа Иапончик дишьклаԥшлар акәын, дахьцо-дахьаауа атәы дызшьраны иҟаз Асҭамыр Быҭәба иирдырлар акәын. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, Иванков ишьра далахәын Астамыр Быҭәба, 2009 шықәса, ԥхынгәымза 9 рзы аснаипертә винтовкала Иванков иеихсыз. Усҟан Иванков Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу ақьафурҭа "Тайский слон" ддәылҵуан.
Анаҩс Каха Газзаев, Муртаз Шаданиа, Џьамбул Џьанашьиа бахҭала ашықәсрацәа рхыргарц аӡбарақәа рыдкылан. Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, ауаҩшьра ашьҭахь Быҭәбеи Папааи Аԥсныҟа иааит, иахьа уажәраанӡагьы ара иҟоуп. Илиа Симониагьы дыбналеит. Дара рганахьала жәларбжьаратәи ашьҭазаара рылаҳәоуп.
20 Ажьырныҳәа 2021, 13:46
Нугзар Папаа иара убасгьы ахара идҵоуп Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа. Ашьаус аилыргара анапы иануп Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Омар Мерцхәылаа дырӷьычит. Уи иоушьҭразы Нугзар Папааи иҩызцәеи Мерцхәылаа иҭынхацәа 50 миллион аԥара рымырхырц рҽазыршәеит.
Папаа аҩнытә баандаҩра даҵаркын. 1981 шықәсазы ииз Асҭамыр Быҭәба "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ыҟаны даанкылан. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иара 12 шықәса иқәнаҵеит имазара имхны зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигарц.