АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс 640 ҭоԥ асигареҭ маӡала Урыстәылаҟа аиагара лҽазылшәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Автомашьына Mercedes-Benz ҷыдала иазыҟаҵаз аҵәахырҭаҭыԥқәа рҟынтәи иҭыргеит аԥснытәи акцизтә дыргақәа зқәыз 640 ҭоԥ аҭаҭын Business Royals.
Амашьынеи асигареҭқәеи изтәыз ирымхуп. Административтә зинеилагараз аус хацыркуп.Аԥсны инхо ауаҩы маӡала 640 пачка аҭаҭын Урыстәылаҟа агара иҽазишәеит, ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазылхратә усбарҭа Шәача апресс-маҵзура.