Зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны жәамш аԥсшьарамшқәа зхызгаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ирзеиҿкааз алагер "Ахьышьҭра" аусура хнаркәшеит. Аԥсны ахәыҷқәа рыԥсшьара шеиҿкааз, араҟа аамҭа шырхыргаз, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рныҟәарақәа ирхырҳәааз, ишрыдыркылаз атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҳџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә адаптациазы аҟәша аиҳабы Алиас Нанба.
Иара иазгәеиҭеит сынтәа апроект еиҿкаарала ишымҩаԥгаз, уи аԥхьа ирҳаз аԥышәа алҵшәа шаанашьҭыз.
"Сынтәа зегь рыла иманшәалан имҩаԥысит, ахәыҷқәагьы рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҳан. Аделегациақәа ԥшьба рҟынтәи зегьы аҩны инеихьеит. Хәҩык хатәгәаԥхарала Аԥсны рныҟәара иацырҵоит", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.