https://sputnik-abkhazia.info/20240807/nanba-syntati-alager-akhyshra-azy--zeg-ryla-imanshalan-1051907273.html
Нанба сынтәатәи алагер "Ахьышьҭра" азы: зегь рыла иманшәалан
Нанба сынтәатәи алагер "Ахьышьҭра" азы: зегь рыла иманшәалан
Sputnik Аҧсны
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны жәамш аԥсшьарамшқәа зхызгаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ирзеиҿкааз алагер "Ахьышьҭра" аусура хнаркәшеит. Аԥсны ахәыҷқәа рыԥсшьара шеиҿкааз... 07.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-07T11:16+0300
2024-08-07T11:16+0300
2024-08-07T11:16+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/06/1051907544_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_1a67783d44fd96c0406c93ac2c00a426.jpg
Нанба сынтәатәи алагер "Ахьышьҭра" азы: зегь рыла иманшәалан
Sputnik Аҧсны
Нанба сынтәатәи алагер "Ахьышьҭра" азы: зегь рыла иманшәалан
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны жәамш аԥсшьарамшқәа зхызгаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ирзеиҿкааз алагер "Ахьышьҭра" аусура хнаркәшеит. Аԥсны ахәыҷқәа рыԥсшьара шеиҿкааз, араҟа аамҭа шырхыргаз, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рныҟәарақәа ирхырҳәааз, ишрыдыркылаз атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҳџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә адаптациазы аҟәша аиҳабы Алиас Нанба.Иара иазгәеиҭеит сынтәа апроект еиҿкаарала ишымҩаԥгаз, уи аԥхьа ирҳаз аԥышәа алҵшәа шаанашьҭыз."Сынтәа зегь рыла иманшәалан имҩаԥысит, ахәыҷқәагьы рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҳан. Аделегациақәа ԥшьба рҟынтәи зегьы аҩны инеихьеит. Хәҩык хатәгәаԥхарала Аԥсны рныҟәара иацырҵоит", - иҳәеит Нанба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/06/1051907544_91:0:1228:853_1920x0_80_0_0_d498ff401c968a829f84a09d4819731d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Нанба сынтәатәи алагер "Ахьышьҭра" азы: зегь рыла иманшәалан
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны жәамш аԥсшьарамшқәа зхызгаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ирзеиҿкааз алагер "Ахьышьҭра" аусура хнаркәшеит. Аԥсны ахәыҷқәа рыԥсшьара шеиҿкааз, араҟа аамҭа шырхыргаз, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рныҟәарақәа ирхырҳәааз, ишрыдыркылаз атәы,
арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҳџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә адаптациазы аҟәша аиҳабы Алиас Нанба.
Иара иазгәеиҭеит сынтәа апроект еиҿкаарала ишымҩаԥгаз, уи аԥхьа ирҳаз аԥышәа алҵшәа шаанашьҭыз.
"Сынтәа зегь рыла иманшәалан имҩаԥысит, ахәыҷқәагьы рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҳан. Аделегациақәа ԥшьба рҟынтәи зегьы аҩны инеихьеит. Хәҩык хатәгәаԥхарала Аԥсны рныҟәара иацырҵоит", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.