Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аруаа УкрАМ Курсктәи аобласт агәахьы рнеира аԥдырҟәҟәааит

Аӷа иҽазишәеит нанҳәа 6 рзы Урыстәыла аҵакыра аҽагәылахалара, аобласт аҿы изныкымкәа аракетатә шәарҭара ыҟоуп ҳәа рылаҳәан, адиверсантцәа ирыхҟьаны жәаҩыла атәылауаа ааха роуит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Урыстәыла аруаа украинатәи арбџьармчқәа Курсктәи аобласт агәахьы рнеира аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Уахыкала Урыстәылатәи Афедерациа аруааи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи УкрАМ урыстәыла-украинатә ҳәаа иахьаҵанакуа Курсктәи аобласт агәахьы рнеира аԥдырҟәҟәааит" - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Укрина арбџьармчқәа ррезервқәа ааха рыҭан аиланхарҭақәа Басовка, Журавка, Иунаковка, Беловоды, Кианица, Корчаковка, Новаиа Сеч, Павловка, Городишьче (Сумтәи аобласт) рҟны.
Уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 260-ҩык аибашьцәа, 50 ак акәылӡтехника, зхала иныҟәо ашьақәгылақәа ҩба –"Бук М1", аминаҵхга УР-77, аелектронҿагыларатә станциа.
Адиверсантцәа рҭархаразы аоперациа мҩаԥысуеит. Курсктәи аобласт аиланхарҭақәа рықәлара афакт азы Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит: атеракт, закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рныҟәгара, ауаҩшьра рганахь ала.
Ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылоит аграждантә хыбрақәа рыжәларазы адҵа ҟазҵази иназыгӡази, урҭ румҭақәа ашьаус-зинтә хәшьара аҭахоит.