Аҳәаркьира ахаангьы ҳаҭыр ақәмызт, аха арыцҳара иақәшәаз ауаҩы идгылара еснагь иахәҭаны ирыԥхьаӡон ауаа. Схәыҷаахыс исгәалашәоит аицхыраара, аидгылара ҳмилаҭ ирҟазшьа ҷыданы ишыҟаз. Ибзиаӡаны исгәалашәоит ҳқыҭаҿы нхаҩык иҩны анблыз.
Асовет ҳәынҭқарра асоциалтә ҟазшьа аман ҳҳәозаргьы, цхыраара дук изыҟарҵомызт зынхра блыз ишьапы дықәгыларазы. Убри аҟынтә, иаҭахын анхаҩы адгылара иҭара, агәылацәеи, ақыҭаауаи, ауацәеи рҟынтә. Усҟан иахьеиԥш иҟамызт иҷыдоу афондқәа. Ауаа рхала ицхраауан арыцҳара иақәшәаз. Зыҩны блыз анхаҩы хшара гәарҭак иман, еибганы инхаз имаҵурҭа заҵәык ауп, ҩбаны еихагылаз аҩны лықәццышәаа ицеит абаҩ заҵәык аҭынханы. Дасу ирылшоз ала ицхраауан, ахчы, ахыза, агәабан инаркны, аҩнымаҭәахәқәа уҳәа абылра иақәшәаз ирызнаргон. Уи инаҷыданы, аԥарагьы дасу шаҟа илшоз. Рацәакгьы мҵит, уааҳәра уны иблыз аҩны рыцқьаны, ихыбны иалгеит.
Напеилаԥса уаҩ дааӡоит, лабеилаԥса уаҩ дашьуеит рымҳәои. Абри зхысҳәаауа, уажә аабыкьа агәыҳалалратә фонд " Ашана" иҳаланаҳәеит 11 шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа хәыҷы илызцәырҵыз алимфобласттә леикоз захьӡу ачымазара иахҟьаны Израиль ахәшәтәырҭақәа руак аҿы дахьышьҭоу лыхәшәтәразы 25 миллион инацны ацхыраара шылҭаху. Асоциалтә ҳақәа, иара убас егьырҭ аинформациатә хархәагақәа рҿы ирлас-ыралас ауааԥсыра ааԥхьара роуеит ачымазара аиааиразы ацхыраара ҟарҵарц. Еснагь ауааԥсыра уи иадгылоит. Аха, уажәы еизгатәыз аԥара маҷмызт, аиашазы 25 миллион мааҭ аизгара ус имариоума? Аха, сазгәыдуны исҳәарц сылшоит, Аԥсны инхо ауааԥсыра уи ахьышәҭҳәа ишахаҵгылаз. Актәи амш иалагӡаны 2 миллионк мааҭ инареиҳаны аԥара ахырыԥхьаӡалеит ауаа. Афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит "ари аизга ауаа еиднакылеит" ҳәа. Лара лажәақәа рыла, аабатәи амш азы 19 миллион еизыргахьан. Сара исгәалашәом ари аҩыза аԥара ду ас иаарласны аизгара аналыршаз?! Абас аԥара рацәа аидкылараҿы ҳуааԥсыра иаадырԥшыз агәзианра ажәа ахысҳәаанда сгәахәит. Ус анакәха, ауаатәҩыса рзы ихадоу агәыҳалалра ҳара иаҳцәымӡыц.
Иазгәасҭарц сҭахуп Фридонна Аҩӡԥҳа лзын аԥареизагара адгылара шарҭаз амалуаа реиԥш ахархьуаагьы. Аԥара еизыргон еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа, ашәаҳәаҩцәа, атеатруаа, ажурналистцәа, ашколхәыҷқәа уҳәа ҳажәлар рӷьырак. Зегь реиҳа угәы иахәаратәы иҟоуп ацхырааразы ахәыҷқәа еиуиеԥшым акциақәа ахьыҟарҵоз, рхатәы мчқәа рыла аконцертқәа, ақәгыларақәа ахьымҩаԥыргоз. Схатә ԥышәа сазааҭгылозар, агәыҳалаларатә кәалаԥқәа ахьықәгылоу адәқьанқәа рҿы исылшо ҭасыршәуеит, иара убас, егьырҭ ацхыраагӡақәа рыла ахәыҷқәа рзы ианеизырго ҳҭаацәа ирылшо ахырыԥхьаӡалоит. Аха, ҽнак зны, Аҟәа ахәшәтәырҭақәа руак аҿы слыниеит зыԥшәма аибашьраҿы иҭахаз, ацхыраара зҭахыз аԥҳәысеиба. Сгәы снархьит, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ауаҩы иԥшәма лыԥсҭазаара асоциалтә еиҟарамра ахьахьӡыз. Ачымазаҩ илзаахәатәын ахәшәқәа, сара илысҭаз уи азхомызт аҟынтә, асоциалтә ҳаҿы лара дахьышьҭаз апалата аномер нанҵаны, аҳәара ҟасҵеит аԥҳәысеиба илыцхраарц. Анҵаха смоукәа, иаразнак адгылара лырҭеит, ахәшәқәа лзаархәеит. Лара лакәзар, лгәырӷьара ҳәаа амамызт, сыуацәа раҵкысгьы, атәымуаа сыцхрааит лҳәеит. Ацхыраара ҟазҵаз ртәы ҳҳәозар, рыхьӡгьы сҳәар рҭахымхеит. Даҽакала иаҳәозар, уи ала ахӡыргара иашьҭамызт.
Аицхыраара атәы анаҳҳәо, аибашьра ашьҭахь уи атрадициа еиҳагьы аҽышьҭнахит, избанзар, аӷа иԥиххааз ҳаԥсҭазаараҿы имариамызт ашьапы ақәгылара. Усҟан ҳхәыҷқәа иршәаҳҵоз еимаҳдон, еикәҳаршон. Убас имҩасит аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара аӷьырак. Уажәы ауаа еиҳа ршьапы иқәгылеит, аха аамҭа ишаҳнарбо ала, амал змоугьы измамагьы ирцәымӡӡеит агәыҳалалра аарԥшра атрадициа.
Агәыҳалалра атәы анаҳәо, иазгәаҭатәуп ачымазара мацараз акәымкәа, Аԥсны ишҿиаз зсоциалтә ԥсҭазаара уадаҩу, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭаразы еиуеиԥшым афондқәа. Абри зегьы аҳәынҭқарра мацара аҟәаҟәа иқәлар иазышьҭыхӡом, убри аҟынтә, алшара змоу ауаа ари атрадициа иацырҵалароуп, уи ада ԥсыхәа ыҟам иахьа лассы-лассы зҽеиҭазкуа аматериалтә дунеи хьанҭа анҳақәыӷәӷәо аамҭазы. Баша ирҳәома нас – напеилаԥса уаҩ дааӡоит, лабеилаԥса уаҩ дашьуеит!