Нанҳәа акы инаркны ихацыркын ажрақәа. Иҭаҳҵаауа абаҟа заатәи абжьарашәышықәса аналагои, иҿио абжьарашәышықәсахь ианиасуеи ҩ-аамҭахәык аҵанакуеит, уи шьақәырӷәӷәоуп иахьатәи ала ҳәа азгәеиҭеит аиаҿцәажәараҿы археолог.
"Уажәтәи ҳусурақәа – аԥсуа аҳра иаркы-ирцә ҳәа ианыҟаз аамҭазы иргылаз ауахәамаҿы имҩаԥысуеит. Ауахәама кыцла ихыбны, аныҳәарҭа аманы иҟаҵоуп. Еиуеиԥшым ауахәама иатәу аԥшаахқәа ҳбеит: аиха, асаркьа, акыц, арԥшӡагақәа, ақьабз иатәу аныҳәагақәа. Уажәы аусурақәа ирыцҵоуп. Сынтәа иаарԥшыз иреиуоп – апап ишәҟәы ахьықәиҵоз аныҳәарҭаҿы игылаз амаҭәар, уи ахы ҳбеит, уа аҩырақәагьы ануп бырзен бызшәала", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.