Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сангәлиа Анхәа ажрақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сангәлиа Анхәа ажрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Хышықәсоуп Анхәа ажәытә уахәама адгьылҵакыраҿы ажрақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Аԥсуаҭҵааратә институт ажәытәи абжьарашәышықәсақәеи рҭоурых аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Гарри Сангәлиа сынтәатәи ажрақәа рцашьа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Нанҳәа акы инаркны ихацыркын ажрақәа. Иҭаҳҵаауа абаҟа заатәи абжьарашәышықәса аналагои, иҿио абжьарашәышықәсахь ианиасуеи ҩ-аамҭахәык аҵанакуеит, уи шьақәырӷәӷәоуп иахьатәи ала ҳәа азгәеиҭеит аиаҿцәажәараҿы археолог.
"Уажәтәи ҳусурақәа – аԥсуа аҳра иаркы-ирцә ҳәа ианыҟаз аамҭазы иргылаз ауахәамаҿы имҩаԥысуеит. Ауахәама кыцла ихыбны, аныҳәарҭа аманы иҟаҵоуп. Еиуеиԥшым ауахәама иатәу аԥшаахқәа ҳбеит: аиха, асаркьа, акыц, арԥшӡагақәа, ақьабз иатәу аныҳәагақәа. Уажәы аусурақәа ирыцҵоуп. Сынтәа иаарԥшыз иреиуоп – апап ишәҟәы ахьықәиҵоз аныҳәарҭаҿы игылаз амаҭәар, уи ахы ҳбеит, уа аҩырақәагьы ануп бырзен бызшәала", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0