Аԥсны

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Владимир Микаӡе

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Владимир Микаӡе. Абри атщы аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
"Иԥстазаара зегьы амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡареи аҵара ду дырҵареи иазикит. Иара активла имҩаԥигоз аҵара-ааӡаратә ус иабзоураны атәыла иаиуит иахьа лҵшәа бзиала аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи егьырҭ аиҿкаарақәеи рҿы аус зуа аиуристцәа", — ҳәа ануп ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша адырраҿы.
Владимир Микаӡе — аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ Ҳаҭыр зқәу апрофессор. Иара 92 шықәса ихыҵуан.