Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа рҵакырахь Украинатәи ар алаларазы рҽазышәарақәа раԥырҟәҟәаара иаҿуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа рҵакырахь Украина Арбџьармчқәа рыр алаларазы рҽазышәарақәа раԥырҟәҟәаара ишаҿыц иаҿуп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Курсктәи аобласт аиланхарҭақәа Толпино, Журавли, Обшьи Колодезь, иара убасгьы Беловтәи араион иахьрыҵанакуа аӷа имобилтә гәыԥқәа ралаларазы аҽазышәарақәа аԥырҟәҟәаан.
Уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 230-ҩык рҟынӡа аруааи 38 ак акәылӡытехникеи.
Зынӡа Курсктәи ахырхарҭаҿы бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа раан Киев иацәыӡит 1350-ҩык аибашьцәа, 29 танк, 23 кәылӡытранспортиор, аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа 9, 20 автомашьына, ашьақәгылақәа "Бук М1" х-цырак, ахысгатә шьақәгылақәа хԥа, арадиолокациатә станциа AN/МPQ-65 ЗРК "Patriot", аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рхысгатә шьақәгылақәа "Град", адәҳәыԥштә артиллериа 10 аки.