Аԥсны

Аԥснынтәи Донецки Лугански руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара дәықәҵоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Аԥснынтәи Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара дәықәҵан нанҳәа 12 ауха, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.
Ацхыраара афатә-ажәтәи аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡыржәтәи рыла ишьақәгылоуп. Ацхыраара ҟаиҵеит зыхьӡ зырзар зҭахымхаз ҳџьынџьуаҩ.

Агуманитартә цхыраара мҩанигоит АҶ рминистр, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рнырразы атәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.

Аԥсны ДЖәРеи ЛЖәРеи руааԥсыра рзы ацхыраара ҟарҵоит 2014 шықәса раахыс.