АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" ЕгрыГЕС аҟынтәи Ԥсоунӡа Аԥсны егьырҭ араионқәа рахь афымцамч назго астанциа маҷ "Тҟәарчал-ГРЕС" аиҭарҿыцра мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Уаанӡа ахәшатә арцәага дуқәа иқәгылан. Урҭ рыхәҭак аус руӡом, егьырҭгьы раамҭа иахысхьеит. Уажәы ҳара урҭ ҳаамҭазтәи асистемақәа рыла иҳаԥсахит. Арелеитә хьчагақәа раркреи рырцәареи иаҳа имариахеит", – ҳәа еиҭеиҳәеит астанциа маҷ аиҳабы Сосо Езыгәбаиа.
Астанциа маҷ аҿы анапхгараҟаҵаратә ԥырак ҿыц азы ахыбра дыргылахьеит, иқәыргылахоит амыруга ҿыцқәа.
Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп Очамчыра инаркны 110 кВ иҟоу ацәаҳәа амҩангара, ЕгрыГЕС аҿы аиԥҟьараан абонентцәа лашарада иаанымхаларц.
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи араион аҟны имҩаԥнагаз:
ирыԥсахит афымцатә цәаҳәақәа, Тҟәарчал агәҭаны ашьаҟақәа, ақалақьтә станциа маҷқәа руак;
астанциа маҷқәа ԥшьба азнархиеит атрансформатор ҿыцқәа рзы,
аҳақәа реихшарҭа "Аҟармарахь" имҩангоуп 1200 метра ацәаҳәа ҿыцқәа, ашьаҟақәа дыргылеит,
ахархәарахь иаздырхиоит километраки бжаки иҟоу ацәаҳәа Агәыбедиаҟа,
4 километрак иреиҳаны араион ахь анагаратә цәаҳәақәа ахархәарахь ирнаҭеит.