АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз амш инадҳәаланы.
Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аибашьцәа гәымшәақәа ргәалыдыршәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аветеранцәа, аррамаҵурауаа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра.
Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мши-ҵхи. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.