Аԥсны

Атуристтә дәыӷба "Риҵа" ашықәс иалагӡаны зны заҵәык хырхарҭак ала ибжьысуеит

Атуристтә дәыӷба "Риҵа" раԥхьаӡа акәны 82-ы апассаџьыр аманы Аԥсныҟа иааит жьҭаара 10 2023 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Риҵа" ашықәс иалагӡаны зны заҵәык ибжьысуеит Москва–Новороссиск–Гагра–Аҟәа–Шәача–Ростов-Донтәи–Москва ахырхарҭала жьҭаара 18 рзы.

Урыстәылатәи адәыӷбамҩақәа рофициалтә Telegram-канал аҿы атуристцәа ақәдыргәыӷоит Аӡиа Еҵәа, Риҵа, Афонҿыцтәи аберҭыԥи рҭаара, иара убасгьы аҭыԥантәи ачыс агьама дырбара.

Аԥсны аҳәааҿы апаспорттә хылаԥшраан атуристцәа авагонқәа ааныжьра рықәшәаӡом.
Атуристтә дәыӷба "Риҵа" раԥхьаӡа акәны 82-ы апассаџьыр аманы Аԥсныҟа иааит жьҭаара 10 2023 шықәсазы.