Аԥсны

Ольга Зелинскаиа лцәыргақәҵа мҩаԥыргеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Асахьаҭыхыҩ Ольга Зелинскаиа мышктәи лцәыргақәҵа "Ахәыцра аҽаҭара" аатит Аԥсуа драматә театр афоие аҿы нанҳәа 13 рзы.
Ацәыргақәҵахь инаган 2012 шықәса раахыс иҭыхыз 11 усумҭа.
Зелинскаиа лажәақәа рыла, Аԥсны ацәыргақәҵа аиҿкаара дазыгәышьуазижьҭеи 10 шықәса ҵуан.
"Еиҳа иалскааз сусумҭақәа еидыскылеит сылшамҭақәа рырбаразы. ААУи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи рырҵаҩцәа рыда сара аҭыхра сдырҵон ахаҳәқәа, ашьхақәа, амшын, ашәаԥыџьаԥ. Исҭахын сыԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рҟынтәи аекспозициа аԥҵара, избо сеизҳара еилыркаарц", - ҳәа лҳәеит Зелинскаиа.
Ольга Зелинскаиа – асахьаҭыхыҩ, адизаинер. Дрылахәхахьеит хыԥхьаӡара рацәала москватәии аҳәаанырцәтәии ацәыргақәҵақәа. Ари ацәыргақәҵа 31-тәи хаҭалатәи цәыргақәҵоуп. Аԥсны ҩынтәуп Зелинскаиа лцәыргақәҵа мҩаԥысуеижьҭеи.