Аԥсны

Гәдоуҭа игылоу ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Гәдоуҭа игылоу ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, аррамаҵзурауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Анаҩс аусмҩаԥгатә аныҳәатә хәҭа иацҵан Акультура ахан аҟны. Иара уа имҩаԥган аконцерт. Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи аҿы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа.
Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы арахь иааит 200-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа.