Аԥсны

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Гәдоуҭа

Есышықәса Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш Аԥсны иазгәарҭуеит нанҳәа 15 рзы. Абри амш аҽноуп Нхыҵ Кавказынтәи раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа ареспубликахь ианааз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазку агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Гәдоуҭа.
Арҭ аусмҩаԥгатә рхы рыладырхәырц ареспубликахь иааит 200-ҩык 1992-1993шш. рзы Аԥсны еибашьуаз ахатәгәаԥхаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, аррамаҵзурауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Акультура ахан аҟны еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарраны аҟазаара — хатәгәаԥхарала ара иааны еибашьуаз рлагала ду алоуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахақәиҭатәраз ишеибашьуаз ҩнызқьҩык инареиҳаны Нхыҵ Кавкази, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи, аԥсуа-адыга диаспора ахьынхо атәылақәеи рхаҭарнакцәа.
"Ҳара ахааназ урҭ рфырхаҵара ҳхашҭуам. Ахатәгәаԥхаҩцәа 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәара" амедал рыҭоуп. Арҭ ҳашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи ҿырԥшыган иаанхоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызку афотоцәыргақәҵа "Афырхацәа" аадыртит Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны.
Аекспозициа шьақәгылоуп 304 фотосахьа рыхкьыԥхьаа Фаина Матуаԥҳа, Гули Кьычԥҳа, Емма Ермолова, Алина Ачԥҳа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Иавуз Кәаӡба рархивқәа рҟынтәи. 108 фотосахьа раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп. Иҟоуп Владислав Арӡынбеи Ҭырқәтәылатәи адиаспора рхаҭарнакцәеи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рнапхгаҩцәеи рԥылараан иҭыхыз.
Ацәыргақәҵа даҭааит Аслан Бжьаниа. Ииасыз ашықәс азы иаадыртыз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аполитикатә репрессиақәеи ирызку амузеи азалқәа дрыҩналан ибеит. Араҟа аҩнымаҭәа аахәан ахада ирезервтә фонд аҟынтәи.
Ацәыргақәҵа нанҳәамза нҵәаанӡа иаартызаауеит.