Аԥсны

Курсктәи аобласт ахь Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара дәықәҵоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Донбасс ауааԥсыра рзы нанҳәа 13 рзы амҩа иқәлаз агуманитартә цхыраара Курсктәи аобласт, "Пятнашка" ахьгылоу аҭыԥахь идәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Асеиԥш аӡбра оперативла ирыдыркылеит, аидара аобласт ахь инаргахьеит.
Урыстәыла арегион ҿыцқәа рымадараз Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа аобласт агубернатор и.н. Алексеи Смирнов диԥылеит, ирылацәажәеит агуманитартә усеицура азҵаарақәа.
Анаҩс иара ДЖәР ахь днеит, агоспиталь аҿы ишьҭоу аԥснытәи аибашьцәа ибаразы.