Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрреи АШәМ-и атактикатә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны атәылахьчара аминистрреи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Дҵас ирыман - астратегиатә ҳаракырақәа рымпыҵахаларазы аҳәаа иахыҵыз "аӷа" иҭархара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Абри аҭыԥахь ииагахеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аструктуратә ҟәшақәа, уаҟа атәылахьчара Аминистрра артиллериатә гәыԥ аминомиоттә екипажқәеи дареи аус руан.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анаԥхгаҩы Дмитри Қәычбериа аруаа разыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит.