АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аҟәа нанҳәамзазы кыраамҭа аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа жәаба ирылашәеит.
Анхарҭа заанаҵы аҿаҵаразы урыстәылатәи амаҵзура Tvil. ru адыррақәа рыла, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны уахык 4 537 мааҭ иаԥсоуп. Бжьаратәла рыԥсы ршьоит 9 мши-ҵхи.
Реиҳа иалыркаауа хырхарҭоуп — Краснодар атәылаҿацә аҟны иҟоу ақыҭа Береговои, уахык 1 526 мааҭ иаԥсоуп. Аҩбатәи — ҟрымтәи Мисхор, ахԥатәи— Ҟрым, аҳабла Черноморск.
Аҟәа — цәыббрамзазы иалыркаауа ахырхарҭақәа ираԥхьагылоуп. Аҩбатәи — Афон Ҿыц, ахԥатәи — Гагреи Пицундеи.