Аԥсны

Гәҭакыла зыԥҳәыс дызшьыз ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Гәҭакыла зыԥҳәыс дызшьыз Едгар Ԥачулиа иганахьала ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ауаҩшьра ҟалеит асааҭ 16:30 рзеиԥш нанҳәамза 16 рзы, Аҟәа.
Ԥачулиа Гәымсҭатәи амҩаду аҟны игылоу аҩнеихагылахь дышнеиз азгәаҭоуп. Илона Ԥачулиеи иареи ироуз аҭыӡшәа иахҟьаны лымгәа шыҟаз дихәит. Лара ахәшәтәырҭахь днаган, аха илоуз ахәра иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Ԥачулиа даанкылоуп, аамҭалатәи аиҟәыҭхагаҿы дҭакуп.