Аԥсны

Аҟәатәи аделегациа алахәын Нижни Новгород амши Чебоксары 555 шықәса ахыҵреи разгәаҭара

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Аҟәатәи аделегациа рхы аладырхәит Нижни Новгород амшныҳәеи Чебоксары 555 шықәса ахыҵра азгәаҭареи.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Беслан Ешба наԥхгара зиҭоз аделегациа ҩымш Нижни Новгород ақалақь аҿы иҟан, анаҩс амҽыша, нанҳәа 10 рзы Чебоксарҟа инеит.
Иара иажәақәа рыла, амуниципалитетқәа рнаԥхгаҩцәеи дареи еиԥылеит, ирылацәажәеит акультура, аспорт, аекономика, аҵарадырра, агәабзиарахьчара аусхкқәа рҿы аусеицура азҵаарақәа.
Чебоксары иҭрыжьуа атехника ҷыда аахәара азҵаара шьҭыхын ҳәа азгәеиҭеит Сурманиӡе.
Ақалақьқәа Аҟәеи Чебоксари аешьара рыбжьоуп 2020 шықәса инаркны. Аҟәеи Нижни Новгороди – 2011 шықәса аахыс.