Аԥсны

Мызкала 306-ҩык арныҟәцаҩцәа аанкылоуп арыжәтәи анаркотикқәеи зыдкылан иҟаз

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Арыжәтә џьбареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи зыдкылан иҟаз 306-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ааныркылеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 17 рҟынӡа имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-иаҵзура.
Аԥсны ААИ аиҳабы аамҭала и.н. Дамеи Аҩӡба иажәақәа рыла, амашьына аныҟәцара фымз азин рымхуп 240-ҩык, 66 административтә усқәа аӡбарҭахь инашьҭуп.
Нанҳәамза 17 рзы имҩаԥгаз агәаҭааран амҩатә ԥҟарақәа реилагараз иаанкылан 344-ҩык, урҭ рахьынтәи 11-ҩык арыжәтә ыжәны иҟан. Иаанкылоу рмашьынақәа рымхны ахараԥсатә ргыларҭаҿы иргылоуп 30 мшы ҿҳәарас ирыҭаны.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иргәаладыршәоит арыжәтә зжәыз амашьынаныҟәцаҩцәа ирзыԥшу:
раԥхьатәи аилагаразы — 30 нызқь ахараԥса,
6-мзы амашьынарныҟәцара азин рымхра,
амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәызкуа – 15 мшы рҭакра, фымз амашьына аԥсҟы акразы азин рымхра,
зныкымкәа аилагаразы – административтә аанкылареи шықәсык амашьына аныҟәцара азин рымхреи.