Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа ДЖәР Свиридоновка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа ДЖәР Покровск ахырхарҭала иҟоу ақыҭа Свиридоновка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аацҳамҭа:
Урыстәылатәи арбџьармчқәа аоперативтә-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит: атанктә бзырбзанқәа ахьҭрыжьуаз азауад, Америка иҭыжьу аракетатә система аицҭырҟьаратә хгәыцәқәа М270 МЛРС, HIMARS. Уи адагьы 163 раион рҟны иҭархоуп ари арратә техникеи.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархоуп: Франциа иҟаҵоу Hammer ҳәа изышьҭоу абомба, аракетатә система аицҭырҟьаратә хгәыцәқәа HIMARS – 7, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 27, урҭ рахьынтәи 11 иҷыдоу арратә усмҩаԥгатә ҭыԥ анҭыҵ.
Иааидкыланы, иҷыдоу арратә операциа ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 639, аверталиотқәа 282, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30 112, азениттә ракетатә системақәа 575, атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи 17 320, аракетатә аицҭырҟьаратә системақәа 1411, артиллериатә рҭҟәацгақәеи аминаршәгақәеи 13 392, иҷыдоу арратә автотехника 24 894.