Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Арышԥҳа Аҟәа ашколқәа рҭагылазаашьа иазкны

Аҟәа ақалақь аҵара усбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь иаҵанакуа ашколқәа рҭагылзаашьа зеиԥшроу, арҵәаҩцәеи ашәыҟәқәеи рыла урҭ ахьынӡеиқәшәоу, шаҟаҩы сынтәа актәи акласс ахь ицо.
Sputnik
Арышԥҳа дазааҭгылеит иахьазы ашколқәа рҿы имҩаԥысуа аусқәа ртәы. Илҳәеит еиҭашьақәыргылоу х-школ шраку. Егьырҭ ашколқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа мҩаԥысуеит хәҭа-хәҭала. Ирҭаху аргыларатә маҭәахәқәа ҳара ҳхахьы иаҳгеит, аусурақәа мҩаԥыргоит ашкол анапхгара рымчала ҳәа лҳәеит Арышԥҳа.
Ашәҟәқәа рызҵаара атәы далацәажәо илҳәеит, Аԥсны иҭрыжьуа ашәҟәқәа рзы еиҵахара шыҟамло, Урыстәылантәи иаарго акәзар, зегьы ирзымхар шыҟало.
Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа далацәажәеит арҵаҩцәа разымхара шыҟоу, еиҳарак аматематиказы арҵаҩцәа школцыԥхьаӡа ишагу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.