Аԥсны

Шьашьикәара агәамеизакырҭахь аҟьамсар анагара аанкылоуп

Аҟәантәи аҟьамсар Гал араион агәамеизакырҭахь инаргоит мшаԥымза 2019 шықәса аахыс.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аҭагылазаашьазы иаԥҵоу аоперативтә штаб иаалырҟьаны имҩаԥнагаз аилатәараҟны ақыҭа Шьашьикәара агәамсамқаԥсарҭахь аҟьамсар анагара аанкыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит, абри атәы аанацҳауеит Гал-Медиа.
Нанҳәа 12-13 руха имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын араиони ақыҭеи рнаԥхгареи, Араионтә еизареи, аекологцәеи, араионтә прокуратуреи, амилициа аҟәшеи, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрреи рхаҭарнакцәа.
Аԥкрақәа алагалазаауеит агәамсамкаԥсарҭаҿ амца ырцәахаанӡа, насгьы аекологиатәи амцацәыхьчареи аҭахрақәа ирықәшәо иҟалаанӡа.
Агәамеизакырҭаҿ амца арцәаразы Аҟәантәи АҶА иназыцҵоу агәыԥқәеи иҷыдоу атехникеи адԥхьалахоит.